Мшаԥы 24 рзы Илиа Дарчиашвили Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рхеилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥылара ихы алаирхәоит
Мшаԥы 24 рзы Илиа Дарчиашвили Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рхеилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥылара ихы алаирхәоит

2023 шықәса мшаԥы 24 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рхеилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥылара ихы алаирхәоит.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭгӡаны, аганқәа ирыхәаԥшуеит Евроеидгыла арҭбаареи Қырҭтәыла алалара аперспективеи, Қырҭтәыла-Евроеидгыла реизыҟазаашьақәа рҿы иприоритету ахырхарҭақәа, аусеицара арҵаулара аперспективақәа, Евроеидгыла 12 приоритет рынагӡара ахырхарҭала Қырҭтәыла амоу апрогресс.