Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфти ишааицҳаз ала, Дманиси еиҿагылаз аганқәа еинаалеит
Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфти ишааицҳаз ала, Дманиси еиҿагылаз аганқәа еинаалеит. Етибар Еминов ари аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла анапхгареи аимак зыбжьалаз аганқәеи реиҧылара ашьҭахь.
«Агәра ганы сыҟоуп ҳажәлар аимак аескалациа аҟынӡа ишымнеиуа, ҳара еснагь аинаалареи ҭынч аицынхареи ҳадгылоит. Қырҭтәыла иқәынхо аетникатә гәыҧқәа зегьы хықәкык рымазароуп — рнапқәа еибаркны атәыла арҕәҕәаразы аус руроуп», — иҳәеит Етибар Еминов.
Дманиси аҭыҧантәи ауааҧсыра аимак рыбжьалеит лаҵара 16 рзы. Дманиси иҟоу дәқьанк ашҟа инеиз гәыҧҩык аҷкәынцәа уалла ауараш ргар рҭахын, аха, аҭиҩы ҧҳәыс мап нырцәылка, ацәҳареи аисреи иалагеит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь Дманиси аҭагылазаашьа цәгьахеит. Аҭыҧантәи ауааҧсыра еилалеит. Уааҵәҟьа иҟаз азинхьчаҩцәа аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара рҽазыркит, аха Дманиси иҵегьы аполициатә мчқәа рнагара рықәшәеит.
Иахьа аҭыҧашҟа инеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Григол Лилуашвилии, арегионалтә политикеи ахаланапхгареи азы апарламенттә комитет ахантәаҩы Созар Субарии, Дманиси амажоритартә депутат Гоги Мешвелиании.