Мраҭашәаратә регионаҿ ақәоурацәгьа амшала, Жәыргьыҭ-Қарҭи Баҭым-Қарҭи ахырхарҭала ицоз адәыҕбақәа аанкылан
«Мраҭашәаратә регионаҿ ақәоурацәгьа амшала, Баби ақыҭа иазааигәаны, адренажтә аҵеиџьқәа ирҭыҵыз аӡы рацәа арельсқәа ирхыҵәеит», — аарыцҳаит Қырҭтәыла аиҳамҩа аҟынтәи.
Қырҭтәыла аихамҩа адыррала, амхамҩа ааигәара анышә хыбгалеит.
Жәыргьыҭ-Қарҭи Баҭым-Қарҭи ахырхарҭала ицоз адәыҕбақәа аанкылан. Аҭыҧаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит. Адәыҕбақәа рныҟәара анеиҭашьақәыргылахо макьана идырым, — иануп Қырҭтәыла аихамҩа аинформациаҿы.