Молдова ахада атәыла евроинтеграциа азҵааразы ареферендум амҩаҧгара аинициативала дықәгылеит
Молдова ахада Маиа Санду атәыла евроинтеграциа азҵааразы ареферендум амҩаҧгара аинициативала дықәгылеит. Лара ари аҳәамҭа ҟалҵеит атәыла ахадас лалхра инаркны хышықәса аҵра инамаданы иҟалҵаз ааҧхьара ҷыдаҿы.
«Макьана иҟаҳҵаша рацәоуп, аха, зегьы реиҳа ихадоу – ҳтәылауааи ҳхәыҷқәеи аҭынчреи иаҳа еиҕьу аҧеиҧши рзеиқәҳаршәароуп. Ҳара абри аҩыза алшара ҳауеит Евроеидгыла алахәызаара мацарала. Убри аҟынтә, атәыла ауааҧсыра зегьы еилыкка ирҳәароуп Молдовазы аҧеиҧшс ирҭаху. Сара апарламентахь ааҧхьара ҟасҵоит евроинтерациа азҵааразы ареферендум амҩаҧгара аинициатива иахәаҧшырц», — илҳәеит аявила Санду.
Иара убас, Санду атәылауаа рахь ааҧхьара ҟалҵеит 2024 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу апрезиденттә алхрақәа рҿы лкандидатура иадгыларц.