Молдова авице-аҧыза - Ҳара Қырҭтәылеи Украинеи ҳҩызцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп, ҳазынтәгьы еилаҳкаауеит арҭ атәылақәа рҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу
«Уажәазы Молдовазы зыҧшра ҟамҵакәа иӡбатәу азҵаарақәа иреиуп ахҵәацәа ркризиси агуманитартә катастрофеи алҵаразы ацхыраара аиура», — иҳәеит Молдова авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Нику Попеску Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иалагаанӡа.
«Украина иаҿагыланы Урыстәыла излагаз аибашьра — европатәи аконтинент зегьы азы арыцҳара дууп, ҳәарада, Молдовазгьы. Молдова Украина агәылара иҟоуп. 360 000ҩык раҟара ахҵәацәа украинантә Молдоваҟа иааит, анеҩс, урҭ рыхәҭак Евроеидгылашҟа ииасит. Уажәазы 100 000ҩык украинатәи ахҵәацәа ҳамоуп. Ари арыцхә дууп, Молдова асоциал-економикатәи агуманитартәи ҭагылазаашьазы анырра ду амоуп. Убри аҟынтә, уажәазы Молдовазы зыҧшра ҟамҵакәа иӡбатәу азҵаарақәа иреиуп ахҵәацәа ркризиси агуманитартә катастрофеи алҵаразы ацхыраара аиура. Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи Евроеидгыла алалразы азыҳәамҭа ҟарҵеит. Ҳара, Молдова агәра ганы ҳаҟоуп европатәи аполитикатә системеи, европатәи аҭоурыхи змоу европатәи аҳәынҭқаррақәа ҳашреиу. Атәылақәа рыхҧагьы ҳаиқәшаҳаҭны ауп ашьаҿақәа зегьы шыҟаҳҵо. Украина арыцҳара ду иҭагылоуп, аха, ҳара ҳазынтәгьы еилаҳкаауеит ҳтәылақәа рҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу. Уи ҳтәылауаа аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи рзеиқәыршәаразы иреиҕьу мҩоуп», — иҳәеит Нику Попеску.