Молдова аҧыза-министр Наталиа Гаврилица лнапынҵақәа шьҭалҵеит. Молдоватәи АИХ ишаарыцҳаз ала, Гаврилица ари аҳәамҭа ҟалҵеит иахьатәи абрифинг аҿы.
«Сыҧхықәрақәа нагӡаны, сгәы рҭынчны сцоит. Ҳаҭыр хқәу атәылауаа, шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит, Молдова европатәи аҳәынҭқаррас иҟаларцаз, хымҧада шәеидгылазароуп», — илҳәеит Гаврилица.
Атәыла ахада Маиа Санду Наталиа Гаврилица Молдова аҧыза-министрс дықәлыргылеит 2021 шықәса рашәара 30 рзы.