Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иажәақәа рыла, иахьа инаркны ҿҳәара змам амлашьра далагоит.
“Иахьа инаркны ҿҳәара змам амлашьра салагоит. Ари арежим ахымҩаԥгашьа иахҟьоуп. Абри еиԥш аҭагылазаашьаҿ сгәабзиара ихадам. Аԥсадгьыл абзиабара иаанаго зегьы ирбароуп. Сара исхарарҵо атәы абзамыҟә мацара ауп агәра зго,” – иҳәеит Саакашвили.