Михеил Џьанелиӡеи Ҭинаҭин Хидашелии Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы уаҵәы, ԥхынҷкәын 4, асааҭ 22:00 рзы адискуссиа аҽалархәра иазыхиоуп
Михеил Џьанелиӡеи Ҭинаҭин Хидашелии Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы уаҵәы, ԥхынҷкәын 4, асааҭ 22:00 рзы адискуссиа аҽалархәра иазыхиоуп

Михеил Џьанелиӡеи Ҭинаҭин Хидашелии Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы уаҵәы, ԥхынҷкәын 4, асааҭ 22:00 рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи Апарламент ахантәаҩы Шьалуа папуашвилии рҟны  адискуссиа аҽалархәра иазыхиоуп

Иахьа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит: “Ауааԥсыра ишырдыруа ала, абҵара 28 рзы иҟасҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы апротест ҟазҵа ахаҿқәа рҟны иаарту адискуссиа амҩаԥгара сшазыхиоу изныкымкуа сҳәахьеит. Ари адискуссиа аҽалархәра иазкны аинтерес гәыԥҩык аполитикцәа аадырԥшит: Михеил (Папуна) Џьанелиӡеи Ҭинаҭин Хидашелии. Апарламент ахантәаҩи сареи Ауаажәларратә дырраҭала адысгалоит, уаҵәы, ԥхынҷкәын 4 рзы ишиашоу аефир аҿы адискусииа мҩаԥнагарц” ҳәа.

Қырҭтәыла Актәи аканал уаҵәы, ԥхынҷкәын 4, асааҭ 22:00 рзы адискуссиа амҩаԥгара азызиоуп.