Михеил Чхенкели Лондон имҩаԥысуа "Адунеи аҵаралшаратә форум» далаирхәоит
Михеил Чхенкели Лондон имҩаԥысуа "Адунеи аҵаралшаратә форум» далаирхәоит

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистр Михеил Чхенкели Лондон имҩаԥысуа “Аҵаразы адунеи афорум” ихы алаирхәоит. Аҵара аминистрра аинформациа ала, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, аминистр аҵара азҵаарақәа рзы Microsoft вице-ахада Рик Ҳермани, Европеи Мрагылара ааигәеи Африкеи рҿы Microsoft ацифратә трансформациа аҟәша адиректор Алекса Џьоии дырԥылоит.

Лондон имҩаԥысуа “Аҵаразы адунеи афорум” рхы аладырхәоит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә 112-ҩык аминистрцәа. Афорум алахәылацәа аҵара ахырхарҭаҿ адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәеи урҭ рҭыԥқәҵара амҩақәеи ирыхәаԥшуеит. Қырҭтәыла аделегациа лондонтәи авизит Британиа ду ахеилак адгылара ала нагӡан.