Михаил Хидурели –  Alibaba жәларбжьаратәи аплатформаҿы  Қырҭтәыла апавилион еиҿкаахоит  
Михаил Хидурели –  Alibaba жәларбжьаратәи аплатформаҿы  Қырҭтәыла апавилион еиҿкаахоит  

Агентра «Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ» адиректор  Михаил Хидурели  Китаи,  Alibaba аофис хадаҿы аиҧылара мҩаҧигеит.

Ишдыру ала, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа, 300 миллионҩык ахархәаҩцәа змоу   Alibaba.com, жәларбжьаратәи аплатформаҿы ақырҭуа павилион аиҿкаара азҵаара иалацәажәеит.

«Alibaba жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рнапхаҩи ҳареи ҳаиҧылара аинтерес ду аҵан. Қырҭтәыла, излауа ала ирласны, адунеи идуӡӡоу аплатформаҿ ахатә павилион аанартыр  ҳҭахуп.  Уи абзоурала, ақырҭуа наплакҩцәа рбизнес арҿиареи раалыҵ аекспорти рылшоит», — иҳәеит  Михаил Хидурели.

Alibaba   1999 шықәсазы ишьаҭакын, уи адунеи идуӡӡоу атехнологиатә еилахәырақәа иреиуп, уажәазы уи иалоу абизнес-гәыҧқәа фба.