Михаил Сарџьвелаӡе  - Евроинтеграциа аплан амбициатә ҟазшьа амоуп, апрогресс лабҿаба иубарҭазаарц азыҳәан алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит
Михаил Сарџьвелаӡе  - Евроинтеграциа аплан амбициатә ҟазшьа амоуп, апрогресс лабҿаба иубарҭазаарц азыҳәан алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит

«Евроинтеграциа аплан амбициатә ҟазшьа амоуп, апрогресс лабҿаба иубарҭазаарц азыҳәан алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы акомитет ахантәаҩы  Михаил Сарџьвелаӡе.

Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, аоппозициаа ари апроцесс рҽаладырхәырц азыҳәан алшарақәа зегьы рзеиқәыршәоуп.

«Дара уи рҭахымзар, еснагь имцырку мзызк рыҧшаауеит. Дара ари апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит, зегьы реиҳа ихадоу – атәыла хырҳагара азаагаразы аусура рылшароуп», — иҳәеит  Сарџьвелаӡе.

Ишыжәдыруа еиҧш, абҵара  27 рзы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа ишьақәнарҕәҕәеит Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара иазку ауснагӡатәқәа рплан.