Михаил Саакашвили – Саломе Зурабишвили ахақәиҭра азықәҧаразы  иҟалҵаз ааҧхьара садгылоит, лара адунеи зегьы идлырдырроуп Қырҭтәыла ампыҵахалара ашәарҭара шыҟоу
Михаил Саакашвили – Саломе Зурабишвили ахақәиҭра азықәҧаразы  иҟалҵаз ааҧхьара садгылоит, лара адунеи зегьы идлырдырроуп Қырҭтәыла ампыҵахалара ашәарҭара шыҟоу

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Саломе Зурабишвили иҟалаз аҳәамҭақәеи ахақәиҭра азықәҧаразы иҟалҵаз ааҧхьареи садгылоит», — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Facebook аҿы.

Иара иажәақәа рыла, уажәы аибагәаара иаамҭам.

«Аполитикатә гәыҧқәа зегьы Урыстәыла зымҩаҧгара аҭаху аарҳәра иаҿагыланы еидгылароуп, дара еиҧҟьарада атәыла ахада лҟны аконсультациақәа мҩаҧыргалароуп. Лабҿаба иубарҭоуп Украинаҿ аҵахара анеҩс, Урыстәыла анапхгара, хара имгакәа Қарҭ амчра ргар шырҭаху.

Саломе, лмаҵзураҭыҧ лхы иархәаны, адунеи зегьы идлырдырроуп аиҟәыҭхара наӡаҿы иҟоу Қырҭтәыла ампыҵахалара наӡа ашәарҭара ишҭагылоу. Уажәы аибагәаара иаамҭам,  абри аибашьра ду аҿы ақәҧара ҳалшарц азыҳәан алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп», — иҩит  Михаил Саакашвили.