Михаил Саакашвили  - 2021 шықәса жьҭааразы Қырҭтәылаҟа  сыхынҳәра еиҿызкаауаз ауаа Урыстәыла агентцәагьы рылазар ҟалап
Михаил Саакашвили  - 2021 шықәса жьҭааразы Қырҭтәылаҟа  сыхынҳәра еиҿызкаауаз ауаа Урыстәыла агентцәагьы рылазар ҟалап

Қырҭтәыла аиҳабыра   жәларбжьаратәи асанкциақәа рывсра аҽазкраҿы Урыстәыла иахәаша аполитика мҩаҧыргоит, – Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит анемец ҭыжьымҭа „Шпигель“ аинтервиу аҿы.

Михал Саакашвили ишазгәеиҭаз ала, иҧсадгьыл маӡала Путин идгылоижьеи акрыҵуеит.

Иара убас, Михаил Саакашвили ишиҳәаз ала,   Урыстәыла ахада Владимир Путин иара ишьра мацара акәымкәа, Қырҭтәыла иаанкылареи иус аӡбареи азы адҵа ҟаиҵеит.

„Ахада Путини, уи иаҧхьа ахадас иҟаз Дмитри Медведеви, адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови, сышьра мацара акәымкәа, Қырҭтәыла саанкылареи сус аӡбареи иаҳәон. Урыстәыла ада, уаҳа ҳәынҭқарракгьы Қырҭтәыла  исзықәдыргылаз ахарадҵара иазхарымҵеит. Қырҭтәылаҟа схынҳәыр сҭахын, аха, ианаамҭамыз схынҳит  – Украина иаҿагыланы Урыстәыла излагаз аибашьра ааигәахон.  2021 шықәса жьҭааразы Қырҭтәылаҟа  сыхынҳәра еиҿызкаауаз ауаа Урыстәыла агентцәагьы рылазар ҟалап“, – иҳәеит Саакашвили.

Иара убас, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада ишиҳәаз ала,   иара идҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы Украина ахада Зеленски изы ацҳамҭа ҕәҕәоуп.

„,Уажәы сара исыдҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы  Украина ахада Владимир Зеленски изы ацҳамҭа ҕәҕәоуп. Урыстәылатәи агрессиа ианагалаҵәҟьа иара атәыла алҵразы мап икит,   2008 шықәсазы Путин ибџьармчқәа Қырҭтәыла ианақәла саргьы убасҵәҟьоуп ишыҟасҵаз“, – иҳәеит Саакашвили.

Наҟ-наҟтәи апланқәа ирыдҳәаланы ҧасатәи ахада ишиҳәаз ала,  „деиқәхар,  Украинаҟа дхынҳәуеит“.

Анемец ҭыжьымҭа ишану ала,  Михаил Саакашвили азҵаарақәа зегьы аҭак риҭеит англыз бызшәала иҩны,   аҭакқәа   „Шпигель“ иалҭеит иан,  Гиули Аласаниа.