Михаил Саакашвили  - Қырҭтәыла  анхарҭатә пунктгьы иаанымхароуп ҳара ҳаидгыланы, аиашамра ацымныҟәара азеиҧш центр ахьааҳмыртуа
Михаил Саакашвили  - Қырҭтәыла  анхарҭатә пунктгьы иаанымхароуп ҳара ҳаидгыланы, аиашамра ацымныҟәара азеиҧш центр ахьааҳмыртуа

Қырҭтәыла  анхарҭатә пунктгьы иаанымхароуп ҳара ҳаидгыланы, аиашамра ацымныҟәара азеиҧш центр ахьааҳмыртуа, – иҩит  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

Саакашвили ишиҳәаз ала, арепрессиақәа ҟалоит, аха, иара уи дазыхиоуп.

„Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧгаз акциақәа даҽазнык  адунеи зегьы иддырбеит Қырҭтәыла иҧшӡаӡоу, иҧагьоу, иҟәышу ауаа ахьынхо атәыла шакәу. „Амилаҭтә ҵысра“ ахаҭарнакцәа иччархуп. Шәиашоуп ҳәа агәра ганы шәыҟазар, шәыдгылаҩцәа еизыжәга, шәара ишәыцны шаҟаҩы адәахьы идәылҵуа аабап.  Иахьа аҭагылазаашьа злаҟо ала,  2021 шықәса еиҧшымкәа, уажәы ауааҧсыра реиҳара ишәыдгылом.

Қырҭтәыла  анхарҭатә пунктгьы иаанымхароуп ҳара ҳаидгыланы, аиашамра ацымныҟәара азеиҧш центр ахьааҳмыртуа.  Ацәгьауратә режим ахаҭарнакцәа зехьынџьара ҳарҿагылароуп.

Арепрессиақәа ҟалоит, саргьы уи сазыхиоуп, аха, уезгьы, акгьы рзыҟаҵом, избанзар, уажәшьҭа Қырҭтәыла  Урыстәыла акәӡам,  Қырҭтәыла аиааира агоит“, –  иҩит Саакашвили.