Мирча Џьоана – Хара имгакәа, Румынтәыла агәылацәа -  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи европатәии евроатлантикатәи ҭаацәарақәа рылахәылацәас иҟалоит
Мирча Џьоана – Хара имгакәа, Румынтәыла агәылацәа -  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи европатәии евроатлантикатәи ҭаацәарақәа рылахәылацәас иҟалоит

Хара имгакәа, Румынтәыла агәылацәа зегьы –  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи европатәии евроатлантикатәи ҭаацәарақәа рылахәылацәас иҟалоит, – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ  Мирча Џьоана.

Иара ишиҳәаз ала, Румынтәыла агәылацәа евроатлантикатә ҭаацәара ианалалак, Румынтәыла Мраҭашәара мрагыларатә аҳәаас иҟалом.

«Агеографиатә ганахьала, Украина имҩаҧысуа аибашьра, ишиашо Европа абаланс ианыруеит. Хара имгакәа, Румынтәыла агәылацәа –  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи европатәии евроатлантикатәи ҭаацәарақәа рылахәылацәас иҟалоит. Уи уадаҩхоит, аха, агәра ганы сыҟоуп ҳгәылацәа европатәи аҭаацәара ишалало,  убри анеҩс,  Румынтәыла Мраҭашәара мрагыларатә аҳәаас иҟалом,  агеографиатә ганахьала Румынтәыла Европа агәҭаны ишьҭазаауеит», — иҳәеит  Мирча Џьоана.