Microsoft аглобалтә аҿыхра амшала, иахьа Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазаҿ ареисқәа аанкылан
Microsoft аглобалтә аҿыхра амшала, иахьа Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазаҿ ареисқәа аанкылан. Авиаеилахәыра Wizz Air иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы апассаџьырцәа аҧырранӡа х-сааҭк еиҵамкәа ишагу аҳаирбаҕәазақәа рахь инеирц ирыҳәеит.
«Иахьа, егьырҭ авиаеилахәырақәа зегьы реиҧшҵәгьа, Wizz Air-гьы, аглобалтә ИТ-система аҿыхра амшала атехникатә проблемақәа ирҭагылеит. Ареисқәа раанкылара иадҳәаланы, апассаџьырцәа аҧырранӡа х-сааҭк еиҵамкәа ишагу аҳаирбаҕәазақәа рахь инеирц ҳрыҳәоит“, — иануп Wizz Air аҳәамҭаҿы.
Ира убас, Қырҭтәыла Актәи аканал адыррала, аглобалтә аанкыларақәа рымшала, ареис Қәҭешь — Берлин берлинтәи аҳаирбаҕәазаҿ ирыдрымкылеит, ари ареис итәеит Познань ақалақьаҿ. Катовице ареис азы арегистрациа иалагеит 20 минуҭла иагханы.
Акорпорациа Microsoft аҿы ишырҳәаз ала, аглобалтә аҿыхра амзыз хада ириашоуп. .