Мевлуҭ Чавушоҕлу - Ҳара, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи Ацентртә Азиа атәылақәа ҳпроектқәа ирылахәызар ҳҭахуп
Мевлуҭ Чавушоҕлу – Ҳара, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи Ацентртә Азиа атәылақәа ҳпроектқәа ирылахәызар ҳҭахуп
Ҳара, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи Ацентртә Азиа атәылақәа ҳпроектқәа ирылахәызар ҳҭахуп, — иҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуҭ Чавушоҕлу Анталиа имҩаҧысуаз адипломатиатә форум аҿы данықәгылоз.
Иара иажәақәа рыла, абарҭ азҵаарақәа роуп хадара змаз Узбекистани, Туркменистани, Кыргыстани ивизитқәа раан.
Чавушоҕлу иаҵшьны иазгәеиҭеит Ашьҭатә Ҟарабахтәи еибашьраҿы Азербаиџьан аиааира аҵакы ду шамоу.
«Атәыла адәныҟатәи аполитика амилаҭтә принципқәа аанарҧшуеит. Ҭырқәтәыла, арегион иақәмақаруа акризисқәа рҭыҧқәҵара иазҿлымҳауп. Адунеи зехьынџьара, ауаа гәаҟрак ианақәшәо, Ҭырқәтәыла ирыцхраауеит, дара рбызшәеи, ррелигиеи, ррассеи иахьыҧшымкәа», — иҳәеит Чавушоҕлу.