Метиу  Миллер – Қырҭтәыла аиҳабыра еилыкка идҳардырит ари азҵаара ҳшаргәамҵуа
Метиу  Миллер – Қырҭтәыла аиҳабыра еилыкка идҳардырит ари азҵаара ҳшаргәамҵуа

««Атәым агентцәа» ирызку ҵыҧхтәи азакәанпроект ашьаҭала иаҧҵоу азакәанпроект ҿыц Қырҭтәыла апарламент алагалара афакт даараӡа ҳаргәамҵуеит, — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  Метиу  Миллер. Иара иҳәамҭа кьыҧхьуп Аҳәынҭқарратә департамент аофициалтә саит аҿы.

Миллер ишазгәеиҭаз ала, Америка Қырҭтәыла аиҳабыра иаартны  ирзаадырҧшит ари азҵаара ишаргәамҵуа.

«Азакәанпроект атәылауаҩратә уаажәларразы шәарҭоуп. Уи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа иаҧырхагоуп. Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра еилыкка идҳардырит ари азҵаара ҳшаргәамҵуа», — иануп аҳәамҭаҿы.

«Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанҧҵаратә инициатива апарламент иаларгалахьеит. Аҧсахрақәа ирыхәаҧшуеит анеҩстәи амчыбжь ашәахьазы, абиуро аилатәараҿы.