Метиу Милер - „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла европатәи амҩеи ирҧырхагахоит
Метиу Милер - „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла европатәи амҩеи ирҧырхагахоит

„„Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла европатәи амҩеи ирҧырхагахоит, – иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент аспикер Метиу Милери.

Ажурналист Метиу Милер диазҵааит: „Шәара иаартны ишәҳәеит ари азакәан Қырҭтәыла Европа иацәыхаранатәуеит ҳәа. Қырҭтәылаҿ адемократиа ахьаҵра жәбома?“. Милер ишиҳәаз ала, иара ари азҵаара дахцәажәеит апресконференциаҿы.

„Сара ари азҵаара инарҭбааны алацәажәара сҭахым. Конкретла ари азакәан сахцәажәеит иацтәи апрессконференциаҿы.  Лымкаала, „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан Қырҭтәыла атәылауаа есымша ирыцхраауа атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәа ирҧырхагахоит,  Қырҭтәыла Европантә иацәыхаранатәуеит. Уи макьана азакәанпроектуп“, – иҳәеит Метиу Милер.