Месси авакцина  "Синофарм" алаҵа ҟаиҵоит #1TVSPORT

«Барселона» ахәмарҩы Лионель Месси, сынтәа рашәареи ҧхынгәыи азы Колумбиеи Аргентинеи имҩаҧысуа Америка Ахраҿа азы ахәмарра илшарц азыҳәан, китаитәи авакцина  «Синофарм» ҟаиҵоит.  Ари аинформациа аланарҵәеит аиспан ҭыжьымҭа  Marca.

Зыӡбахәы ҳәоу аҭыжьымҭа ари аинформациа аланарҵәеит Аладатәи Америка ашьапылампылтә конфедерациа  (КОНМЕБОЛ) ахада Алехандро Домингес иҟаиҵаз аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

КОНМЕБОЛ  китаитәи авакцина Sinopharm 50 нызқь адозақәа аиуит. Ари авакцина Аргентина ахархәаразы макьана азин амам. Убри аҟынтә, аргентинатәи ашьапылампыласҩцәа ари авакцина Уругваи иҟарҵар рылшоит, аха, Европа ихәмаруа ашьапылампыласҩцәа авакцина аҩныҟа ирызнаргоит, убри аҟынтә, 33 шықәса зхыҵуа Месси  Барселона алаҵа ҟаиҵоит.