Мераб Двалишвили Қырҭтәылаҟа дааит [авидео] #1TVSPORT

61 кг акапан аҿы UFC ачемпион Мераб Двалишвили Қырҭтәыла даҭааит.  34 шықәса зхыҵуа ақырҭуа ақәԥаҩ рашәара 8 рзы Ниу-Џьерси имҩаԥгаз ақәԥараҿ америкатә Шон О’Мелли диааит.

Двалишвили Қырҭтәыла даҭааит изыҟаҵаҩ Џьон Вуд дицны. Ақәԥаҩ иажәақәа рыла, Қырҭтәыла мчыбжьык даанхоит, уи ашьҭахь Азербаиџьан имҩаԥысуа UFC ақәԥарахь ддәықәлиот.

Аҳаирбаӷәазаҿ UFC ачемпион Мераб Двалишвили изгәыбылҩцәа иԥылеит.