Матеуш Моравецки игәаанагарала,  Евгени  Пригожин ида «Вагнер» иаҳа ишәарҭахоит
Матеуш Моравецки игәаанагарала,  Евгени  Пригожин ида «Вагнер» иаҳа ишәарҭахоит

 

Польша аҧыза-министр Матеуш Моравецки игәаанагарала, Евгени  Пригожин ида «Вагнер» иаҳа ишәарҭахоит. Моравецки ари аҳәамҭа ҟаиҵеит апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла,  хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  «Вагнер» ишиашо Кремль анапаҵаҟа иҟалоит.

«Агәыҧ „Вагнер“ Путин инапаҵаҟа иҟазаауеит. Дызусҭазаалакгьы, иара ихала абри азҵаара аҭак аиҭааит: ашәарҭара еиҳахоу имаҷхоу? Сара сзы ари азҵаара ариторикатә ҟазшьа амоуп», — иҳәеит Польша аҧыза-министр.

Польша аиҳабыра рҳәамҭала,  «Вагнер» аибашьцәа Беларус рыргылара Польшазы шәарҭоуп.