Масуд Пезешкиан - Ажәыларақәа ахьымҩаҧгаз агәыларатә тәылақәа рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит, агәыларатә тәылақәа ржәылара ҳгәы иҭам
Иран ахада Масуд Пезешкиан Иран имҩаҧнагаз ажәыларақәа рзы агәылатә тәылақәа рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит. Иара ишиҳәаз ала, Иран ахатә гәылацәа иржәылом, «дара рхала Иран иажәымлар».
«Ажәыларақәа ахьымҩаҧгаз агәыларатә тәылақәа рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит, агәыларатә тәылақәа ржәылара ҳгәы иҭам», — иҳәеит Пезешкиан.
Иара убас, Пезешкиан ишиҳәаз ала, Иран ахьаҵра агәы иҭам, Израиль иаҿагыланы ақәҧара нанагӡоит.