Марокко иҟалаз адгьылҵысра амшала  300ҩык раҟара ҭахеит
Марокко иҟалаз адгьылҵысра амшала  300ҩык раҟара ҭахеит

Марокко 6,8 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит.  Аҧсабаратә рыцҳара аепицентр иҟан Марракеш иазааигәаны, Атласстәи ашьхақәа рыгәҭа. 19 минут рышьҭахь иҕәҕәаӡаз афтершокқәа ҟалеит.

Аҧсабаратә рыцҳара амшала зегьы реиҳа иҕәҕәаз ааха аиуит Марракеш,  уи ИУНЕСКО адунеизегьтәи ҭынха аобиектуп.

Адгьылҵысра иалаӡит 300ҩык раҟара, 153ҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.