Марнеули  ашьапылампылтә стадион ҿыц аадыртит
Марнеули  ашьапылампылтә стадион ҿыц аадыртит

Марнеули  2000 ҭыҧ змоу ашьапылампылтә  стадион ҿыц аадыртит.

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа  адыррала, астадион акомплекс иргылоуп  УЕФА астандартқәа   (II акатегориа) ирышьашәаланы.

«Астадион еибыҭоуп ҳаамҭазтәи абылрацәыхьчаратә системала, уаҟа зылшарақәа маҷу ауаа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп.  Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә астадион аргыларатә усурақәа ирзоужьҭын  8,2 млн лари», — иануп аиҳабыра радминистрациа аинформациаҿы.