Марк Клеитон - Аполитикатә партиақәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Еврокомиссиа 12 дҵа рынагӡаразы амчқәа зегьы еидыркыларц
Аполитикатә партиақәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Еврокомиссиа 12 дҵа рынагӡаразы амчқәа зегьы еидыркыларц, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон.
Европарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет Қырҭтәыла иазку акомпромисстә згәаҭақәа змоу аҳасабырба аднакылеит, ажурналистцәа ари атема иазкны ацҳаражәҳәаҩ азҵаара изықәдыргылеит. Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз, адокумент макьана дамыԥхьеит.
Марк Клеитор иажәақәа рыла, Британиа Евроеидгыла иалам, убри аҟынтә Еврокомиссиа 12 рекомендациа аус рыдулара апроцесс иалахәымызт.