Марин Ле Пен - Евроеидгыла ауаҩжьыфаҩуп, ицәоу аҧшӡа дафар аҭахуп
Марин Ле Пен - Евроеидгыла ауаҩжьыфаҩуп, ицәоу аҧшӡа дафар аҭахуп

Афранцыз ультраарҕьаратә партиа  „Амилаҭтә аидҵара“ алидер Марин Ле Пен ишылҳәаз ала,  Евроеидгыла ауаҩжьыфаҩуп,    арицар разы иҳасаб ала ахы аанарҧшуеит, аха , иҵабыргны,  ицәоу аҧшӡа дафар аҭахуп.  Марин Ле Пен ари аҳәамҭа ҟалҵеит алхрақәа раҧхьа лыдгылаҩцәа данырҧылоз.

Аиҧылара рхы аладырхәит апартиа егьырҭ алидерцәагьы, урҭ лаҵара анҵәамҭазы Европарламент алхрақәа рхы рыладырхәоит. Мари Ле Пен Евроеидгыла акритика ҕәҕәа азылуит.

Лара ишылҳәаз ала,  жәларбжьаратә аиҿкаарақәа, хәыҷы–хәыҷла аҳәынҭқарра ароль анагӡара иалагеит, ус зыҟалом.

„Сара сызлацәажәо аҳәынҭқарра аҳҭнықалақ Бриуссель ауп иахьыҟоу, абираҟи, хьыӡрашәеи, аконституциеи амоуп, уажәазы  азеиҧш европатә арбџьармчқәа еиҿыркаар рҭахуп, нас ашәахтәқәа ҳдыршәоит. Ҳара уи азы азин раҳҭом“, – илҳәеит Мари Ле Пен.

Аиҧылараҿы Ле Пен ишылҳәаз ала, лара лпартиа, раҧхьа иргыланы, амилаҭтә интересқәа ирзықәҧоит, атерроризми амассатә миграциеи иаҿагыланы иқәҧоит.