Марилена Рауна - Азакәан ахадареи ахадаратә зинқәа пату рықәҵареи - арҭбаара апрограмма анагӡараҿы апрогресс аиуразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп, Қырҭтәылантә уи ҳазыҧшуп 
Марилена Рауна - Азакәан ахадареи ахадаратә зинқәа пату рықәҵареи - арҭбаара апрограмма анагӡараҿы апрогресс аиуразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп, Қырҭтәылантә уи ҳазыҧшуп 

Евроеидгыла ахеилак ахантәаҩы-тәыла, Кипр европатәи аусқәа рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ, Марилена Рауна лҳәамҭала, Қырҭтәыла ахатә европатәи перспектива ахьчароуп.

 Марилена Рауна ари аҳәамҭа ҟалҵеит Евроеидгыла ахеилак аилатәара аҧхьа.

«Арҭбаара – Кипр азы аҧыжәара змоу зҵаароуп. Уажәы,  Евроеилгыла ахатә ҧхықәра нанагӡарцаз, арҭбаара иаамҭоуп. Азакәан ахадареи ахадаратә зинқәа пату рықәҵареи – ҳпартниорцәа рзы арҭбаара апрограмма анагӡараҿы апрогресс аиуразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп, Қырҭтәылантә уи ҳазыҧшуп.  Европа агәылара иҟоу атәыла ахатә европатәи перспектива ахьчароуп, уи аҵакы ду амоуп», — илҳәеит  Марилена Рауна.