Мариа Захарова - Урыстәылатәи аобиектқәа рганахьала  Украина имҩаԥнаго апровокациақәа иашьашәало ақәҿыҭра аиуеит
Мариа Захарова - Урыстәылатәи аобиектқәа рганахьала Украина имҩаԥнаго апровокациақәа иашьашәало ақәҿыҭра аиуеит

Урыстәылатәи аобиектқәа рганахьала Украина имҩаԥнаго апровокациақәа иашьашәало ақәҿыҭра аиуеит, – аихқәа рдыррақәа рыда абри еиԥш аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова.

“Украина арбџьармчқәа Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы иҟарҵо ацәгьаурақәа аҭакда рааныжьра ҟалом. Киеви мраҭашәаратәи аҳҭнықалақьқәа ҳтәылахьчара аминистрра аҳәамҭақәа ибзианы рызхәыцыр сҭахуп. Урыстәылатәи аобиектқәа рганахьала Украина имҩаԥнаго апровокациақәа иашьашәало ақәҿыҭра аиуеит. Урыстәыла аоперациа ҷыда ахықәкқәа хымԥада нанагӡоит”, – илҳәеит Захарова.