Апартиа «Лело» алидер Мамука Хазарадзе иҳәамҭала, иара Қырҭтәыла апарламент далҵуеит.
Хазараӡе ари атәы ааицҳаит иахьа апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз амитинг аҿы.
«Ҩышықәса раҧхьа аполитика сҽалазгалеит. Абри аамҭа иалагӡаны исзырымҳәац егьыҟам, аха, сара, уезгьы ҧхьаҟацара саҿуп. Сара маҵураҭыҧк соурц азакәӡам аполитика сзалалаз. Абри ахыбраҿы исоуз аҧышәа исанаҳәоит убжьы умызхуа, маӡала аҳәызба улазҵо ауаа аус рыцура ишаҧсам. Убри аҟынтә, сара апарламент салҵуеит. Зхы иақәиҭу Қырҭтәылеи ҳхылҵи абра, адәахьы сырзықәҧоит. Аиааира ҳгаанӡа ақәҧара насыгӡоит!», — иҳәеит Мамука Хазараӡе.