Мамука Хазараӡе – Аӡбарҭа иаднакыло ақәҵара ҳазыҧшуп, избанзар, аџьашьахәқәа ҟалалоит, анеҩс, иҟаҳҵаша еицыҳаӡбоит
Аӡбарҭа иаднакыло ақәҵара ҳазыҧшуп, избанзар, аџьашьахәқәа ҟалалоит, анеҩс, иҟаҳҵаша еицыҳаӡбоит, – иҳәеит „Қырҭтәыла ҕәҕәа“ алахәыла Мамука Хазараӡе Аопеллиациатә аӡбарҭаҿы.
Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, хымҧада, аҿыц алхрақәа мҩаҧгахоит.
„Иахьа абра, шәара шәыгәҭа сахьгылоу сеигәырҕьоит. Ҳара аӡбара ҳадаҳкылахьеит. Ари апарламент алегитимациа аиуам. Аӡбарҭа иаднакыло ақәҵара ҳазыҧшуп, заанаҵы ак сҳәар сҭахым, избанзар, аџьашьахәқәа ҟалалоит, иҟало аабап. Анеҩс, иҟаҳҵаша еицыҳаӡбоит. Агәра ганы сыҟоуп ҳамчи ахақәиҭра азықәҧареи ириааиша акгьы шыҟам. Адәахьы адәылҵра иацәаашьо ауаа ирасҳәар сҭахуп, дара иҳадгылозар, ҭабуп ҳәа расҳәоит, аха, асоциалтә аҳақәа рҿы адгылара мацара иазхом. Ари ақәҧара нагӡахоит.
Ҳара арҭ алхрақәа рылҵшәақәа иазхаҳҵом. Қырҭтәыла, хымҧада, аҿыц алхрақәа мҩаҧгахоит“, – иҳәеит Хазараӡе.
Қарҭ Апеллиациатә аӡбарҭаҿы алхрақәа ирыдҳәалоу ашшыҧхьыӡқәа ирыхәаҧшуеит.