Мамука Мдинараӡе - Карл Ҳарцель игәаанагара иаахҵәаны сақәшаҳаҭым
Мамука Мдинараӡе - Карл Ҳарцель игәаанагара иаахҵәаны сақәшаҳаҭым

Карл Ҳарцель пату иқәысҵоит, аха игәаанагара иаахҵәаны сақәшаҳаҭым, ари ииашамыз ҳәамҭан, -иҳәеит афракциа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе Бадри Џьаԥариӡе изинмчы аанкылара иазкны Карл Ҳарцель иҟаиҵаз аҳәамҭа иаҭакны.

Мдинараӡе иажәақәа рыла, Карл Ҳарцель Џьаԥариӡе изҵаара аӡбара шьаҭаса амаз аобиективтә критериқәеи аҭагылазаашьақәеи иазыԥхьагәаҭамкуа дцәажәеит.

“Ари ауаҩы ҳҩыза, ҳпартниор иаҳасаб ала аус бзиақәа рҿы дҳацхраауеит, дҳавагылоуп, аха ари ииашамыз ҳәамҭан,” – иҳәеит Мдинараӡе.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара иацы Карл Ҳарцель иҳәамҭа аланарҵәеит. Уи аоппозициаа рхаҭарнакцәа гәыԥҩык рмандатқәа раԥыхра иазкын.