Мака Боҷоришвилии Леван Қарумиӡеи Европарламент аҿы аиҧыларақәа мҩаҧыргеит
Европатәи интеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвилии акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Леван Қарумиӡеи лаҵара 2-5 рзы, Страсбург русуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Европарламент адепутатцәа ирҧылеит.
Аиҧылараан Евроеидгыла алаларазы Қырҭтыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи акандидат истатус аиура апроцесс аҿы Европарламент аҟынтә активтә адгылара ахымҧадареи иалацәажәеит.
Европатәи аколлегацәа ишазгәарҭаз ала, ассоциациатә партниорцәа рҟны аусеицура иаҳа ирҭбаатәуп, арҭ атәылақәа, зыҧшра ҟамҵакәа, Евроеидгыла алаларазы акандидат истатус рыҭатәуп.
Иара убас, аиҧыларақәа раан, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала арегион аҿы уажәазы иҟоу аҭагылазаашьеи, Қырҭтәыла ашәарҭадара азҵаареи, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа апроцессқәеи ирылацәажәеит.
Европарламент адепутатцәа ишьақәдырҕәҕәеит Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа ишадгыло, аусхкы ҿыцқәа рҿы аусеицура арҭбаара ишазыхиоу.
Қырҭтәыла апарламент адепутатцәа Европарламент адепутатцәа Марина Калиуранди, Андриу Кубилиуси, Свен Миксери, иара убас, Европарламент аҿы иҟоу еиуеиҧшым аполитикатә гәыҧқәеи акомитетқәеи рылахәылацәеи ирҧылеит.