Илиа Дарчиашвили Бриуссель ивизитаан Европарламент адепутатцәа дырҧылеит
Илиа Дарчиашвили Бриуссель ивизитаан Европарламент адепутатцәа дырҧылеит

Илиа Дарчиашвили Бриуссель ивизитаан Европарламент адепутатцәа   — апарламентә комитет Қырҭтәыла-Евроеидгыла ахантәаҩы  Мариной Калиуранди Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы ажәахәҟаҵаҩы  Свен  Миксери дырҧылеит.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәеи, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи  ирылацәажәеит.

«Илиа Дарчиашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит атәыла  аиҳабыра ареформақәа рымҩаҧгара ишазҿлымҳау, Евроеидгылашҟа аинтеграциазы иаҭаху ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаҧгара ишазыхиоу.  Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Украина имҩаҧысуа аибашьра арегионалатә шәарҭадаразы иамоу анырреи Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәеи ирзааҭгылеит. Аминистр Марина Калиауранди Стивен Миксери ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы дара хаҭала иҟарҵо алагалеи атәыла адгылареи азыҳәан », — иануп аофициалтә аҳәамҭаҿы.