Маикл Макфол  - Шәааи ақырҭқәа, Европантә ахьаҵра шәаҟәыҵ, Урыстәыла  иадгыло шәнапхгаҩцәа даара иҽеим амҩа шәықәдыргылоит
Маикл Макфол  - Шәааи ақырҭқәа, Европантә ахьаҵра шәаҟәыҵ, Урыстәыла  иадгыло шәнапхгаҩцәа даара иҽеим амҩа шәықәдыргылоит

Ақырҭқәа,  Урыстәыла  иадгыло шәнапхгаҩцәа даара иҽеим амҩа шәықәдыргылоит, – иҩит Урыстәыла иҟаз Америка ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ Маикл Макфол асоциалтә аҳаҿы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура анапхгаҩы Жозеп Боррель иҳәамҭа данахцәажәоз. Боррель Қырҭтәыла апарламент акритика азиуит „Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку“ азакәан адкыларазы.

„Шәааи ақырҭқәа, Европантә ахьаҵра шәаҟәыҵ. Беларус шәеиҧшхар шәҭахума? Урыстәыла  иадгыло шәнапхгаҩцәа даара иҽеим амҩа шәықәдыргылоит“, – иҩит Маикл Макфол асоциалтә аҳаҿы.