Маиа Санду лгәаанагарала, Молдова Евроеидгыла иалалоит ажәашықәса анҵәамҭазы
Молдова ахада Маиа Санду лгәаанагарала, Молдова Евроеидгыла иалалоит ажәашықәса анҵәамҭазы.
Лара ишылҳәаз ала, аиҳабыра Бриуссель аҟынтә ироуз абжьагарақәа зегьы нарыгӡароуп.
«Аиҳабыра иаҳа ирласны аус руроуп. Евроинтеграциа ҳтәылазы ахадаратә ҵакы амазароуп. Ҳхы ҳақәиҭны, ҭынч аҿиара ҳҭахызар, даҽа мҩак ҳамам», — илҳәеит Молдова ахада.
Санду лажәақәа рыла, 2023 шықәса алагамҭаз лара Бриуссель абжьагарақәа рынагӡара иазкны атәыла аиҳабыра рыҳасабырба дазыӡырҩуеит.
«Анеҩстәи аетап алагара — аиҿцәажәарақәеи алалареи — ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Санду.