Мадрид иҟоу Украина ацҳаражәҳәара ааигәара аԥжәара ҟалеит. “Роитер” аинформациала, азакәанхьчаҩцәа ишаарыцҳаз, ахәрақәа иоуит ацҳаражәҳәара аусзуҩ.
Ахәрақәа зауз ацҳаражәҳәара аусзуҩ ахәышәтәырҭахь днагоуп.
Мадрид иҟоу Украина ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәа афак иадҳәаланы макьана алкаақәа ҟарымҵаӡацт.