Лугансктәи атәылаҿацә аҿы афранцыз журналист дыршьит
Лугансктәи атәылаҿацә аҿы афранцыз журналист дыршьит

 Лугансктәи атәылаҿацә аҿы украинатәи аевакуациатә машьына артиллериатә бџьарла еихсит. Амашьына иҭатәаз афранцыз журналист дҭахеит.

Ари атәы ааицҳаит Лугансктәи арратә администрациа анапхгаҩы Сергеи Гаидаи.

«Лугансктәи атәылаҿацә аҟынтә аевакуациа аофициалла аанкылоуп. Аурыс аруаа ауаа ревакуациазы ицоз амашьына еихсит. Афранцыз журналист дҭахеит», —  иҩит Гаидаи.