Лондон Палестина адгыларатә акциа мҩаҧысуеит
Лондон Палестина адгыларатә акциа мҩаҧысуеит

Лондон зқьҩыла ауааҧсыра палестинаа рыдгыларазы акциа мҩаҧыргоит. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Би-би-си».

Акциа алахәылацәа  арегионахь агуманитартә цхыраара анагаразы Ҕаза асектораҿ зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкылара иаҳәоит.

Адемонстрантцәа палестинатәи абираҟқәа ркуп.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы палестинаа рыдгыларатә акциақәа мҩаҧысуеит адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҿы.