Ллоид Остин иҟаиҵаз аҳәамҭала, ЕАШ Украина 250 миллион доллра иаҟароу арратә цхыраара азалнахуеит
Ллоид Остин иҟаиҵаз аҳәамҭала, ЕАШ Украина 250 миллион доллра иаҟароу арратә цхыраара азалнахуеит

ЕАШ атәылахьчара аминистр Ллоид Остин иҟаиҵаз аҳәамҭала, ЕАШ Украина 250 миллион доллра иаҟароу арратә цхыраара азалнахуеит.

Остин иажәақәа рыла, ацхырааратә пакет ҿыц иазкны иахьа аҳәамҭа ҟаиҵоит ЕАШ ахада Џьо Баиден, аха апакет аҭагылазаашьақәа дрылацәажәом. Ллоид Остин ишазгәеиҭаз ала, Украиназы аӡын ааигәахара акритикатә аамҭоуп.

“Адунеи автократцәа аиааира агана рылшар, ари адунеи азы ишәарҭахоит”, – иҳәеит ЕАШ атәылахьчраа аминистр.