Ллоид Остин - Аконтакттә гәыԥ иахьатәи аиԥылара иалахәыз Еквадори Қырҭтәылеи, Молдовеи гәык ала аԥсшәа раҳҳәоит
Ллоид Остин - Аконтакттә гәыԥ иахьатәи аиԥылара иалахәыз Еквадори Қырҭтәылеи, Молдовеи гәык ала аԥсшәа раҳҳәоит

Урыстәыла занажьра ҟамло аинтервенциа Украина мацара акәымкәа, Европа зегьы ашәарҭадаразы ишәарҭоуп, ари жәларбжьаратәи аиҿкаашьа азы ишәарҭоуп, – иҳәеит ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Бриуссель, Украина атәыоахьчара азҵаарақәа рзы аконтакттә гәыԥ ахԥатәи аиԥылара аартраан.

Остин иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина исуверену аҵакырадгьылқәа абомбақәа рыларыжьреи ауааԥсыра рԥырхагахареи нанагӡоит.

“Ҳара ари ҳаҿагылароуп. Украинатәи аруааи атәылауааи рыԥсадгьыл рыхьчоит. Урҭ ҳрыцхраароуп”, – иҳәеит Остин.

Остин иажәақәа рыла, иареи Украина атәылахьчара аминистр Алексе Резникови аибашьраҿ иҟоу аҭагылазаашьа азҵааразы аимадара рыбжьоуп. Иара убас Ллоид Остин ЕАШ Украина азаанарԥшыз ацхыраара дахцәажәеит