Литватәи Сеим иаднакылаз арезолиуциаҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҵоуп "Атәым анырра аартызаара иазку" азакәан дырхынҳәырц
Литватәи Сеим иаднакылаз арезолиуциаҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҵоуп “Атәым анырра аартызаара иазку” азакәан дырхынҳәырц. Асоциалтә аҳаҿы арезолиуциа атекст алаирҵәеит адәныҟатәи аимадарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Жигимантас Павиленис.
Литватәи адепутатцәа ргәы ишаанаго ала, ари азакәан иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи атәылауаҩратә уаажәларреи русура аҧкра иазкуп, Урыстәыла ирыдыркылаз «Атәым агентцәа ирызку» азакәан еиҧшуп. Адокумент авторцәа ражәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра рхымҩаҧгашьа Қырҭтәыла агеополитикатә хырхарҭеи адемократиеи ирҧырхагахар ауеит.
Арезолиуциаҿы литватәи адепутатцәа Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш иазыразу ақырҭуа жәлар адгылара рзаадырҧшын, Қырҭтәыла апарламентахь ааҧхьара ҟарҵеит атәылауаҩратә уаажәларра арҕәҕәареи, иара убас, Евроеидгылеи НАТОи рахь аинтеграциа иазку аконституциатә аҧхықәра анагӡареи, зда ҧсыхәа иҟам ареформақәа рымҩаҧгареи азы.
Иара убас, Литватәи Сеим алахәылацәа Евроеидгыла аинститутқәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра ахада Саломе Зурабишвили лвето иаҧыхны, азакәан адкылара апроцедура нарыгӡар, иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵара алшара иахәаҧшырц.