Литва ҧасатәи ахада  - Асанкциақәа рыла Путин дзаанукылом
Литва ҧасатәи ахада  - Асанкциақәа рыла Путин дзаанукылом

«Асанкциақәа рыла Путин дзааныукылом», — илҩит Литва ҧасатәи ахада Далиа Грибаускаите асоциалтә аҳаҿы.

«Асанкциақәа хымҧада ишьақәыргылатәын. Аха, аибашьралоуп аибашьра аанкылара злаҟало. Украина  бџьарла аиқәыршәара ала  аҽыргызмалра аҭахым.  Украинаа ҳара ҳзы еибашьуеит,  рхылҵ  зхы еилагаз Путин иҟынтә ҳрыхьчоит. НАТО Украина изацхраауам ҳәа шәҳәеит,  уи Мрагыларатә дунеи аҧсыҽроуп иаанаго.

Путин абри зегьы ибоит. Аха,  Мраҭашәара ирзеилымкааит уажәы Украина европатәи аибашьра шымҩаҧысуа.  Уара ма агрессор уиҿагылароуп,  ма,  угыланы уахәаҧшроуп иара Украина шықәихо.  Украина Путин иаанкылара зҳалымшар,  ҳтәылақәа рҿгьы Путин иабашьра ҳақәшәоит.  Украина ареалтә цхыраара иаҳәоит,  ҳара,  аҩнқәа шҧыржәо ателевизорла ҳахәаҧшуа,  Украина ҳацхраауеит ҳәа ҭоуба ҳуеит.  Ҧхашьароуп,  НАТО алидерцәеи аофициалтә хаҿқәа аимак аҽалагалара ҳалшом ҳәа анырҳәо иҧхасшьоит.   Сириеи, Ливиеи, Африкеи, Иугославиеи, Афганистани иҳалшозма?

Иахьа Украина ахатә ҭынчреи Европа аҭынчреи иазықәҧоит. Ихьыҧшым аҳәынҭқарра шықәырхо ҳахәаҧшуа ҳтәазаауама?

Ахьӡ-аҧша амазааит Украина! Ахьӡ-аҧша рымазааит уи афырхацәа,  макьана уи афырхацәа мацара,  избанзар,  егьырҭ макьана иубарҭам», — илҩит Далиа Грибаускаите.