Линда Томас-Гринфилд - ЕАР адаҳгалеит арезолиуциа апакет, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессизы ақәнага ақәшәатәуп
Линда Томас-Гринфилд - ЕАР адаҳгалеит арезолиуциа апакет, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессизы ақәнага ақәшәатәуп

ЕАР адаҳгалеит арезолиуциа апакет, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессизы ақәнага ақәшәатәуп, – иазгәалҭеит ЕАР иҟоу ЕАШ ахаҭарнак Линда Томас-Гринфилд ЕАР ашәарҭадаратә хеилак аҿы.

Линда Томас-Гринфилд лажәақәа рыла, Урыстәыла аганахьала аусмҩаԥгатәқәа рҿы иҭбаау афинанстә санкциақәа аарԥшуп.

“Аколлегацәа, иахьа ҳара Украина аганахьала Урыстәыла иалагаз аибашьра амзызла ҳаизеит. Ари аибашьа ҳара акәым, Урыстәыла ауп алызхыз, ари ахаан шәхашәмыршҭын. Урыстәыла украинатәи ажәлари ахатә тәылауааи рыргәаҟра амҩа алнахит. Урыстәыла Украина асуверенитет аилагареи, жәларбжьаратәи зин аилагареи, ЕАР аԥҟаԥҵа аилагареи алнахит. Уажәы украинатәи ажәлар рыԥсҭазара аиқәырхара азықәԥоит.

Ари зегьы иазыԥзьагәаҭаны, адгылаҩцәеи апартниорцәеи рҟны аконсультациақәа мҩаԥганы, ишәыдаагалоит арезолиуциа апакет, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессизы ақәнага ақәшәатәуп. Ари арезолиуциа Урыстәыла агрессиа аҿагылоит. Урыстәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит, идҵаны иқәнаргылоит зыԥшра ҟамҵакәа  Украина атерриториантә Урыстәыла афедерациа арбџьармчқәа ралгара. Арезолиуциала иазыԥхьагәаҭоуп Урыстәыла аганахьала иҭбаау афинанстә санкциақәа,” – илҳәеит Линда Томас-Гринфилд .