Ахәаахәҭратә центр “Лило молл” аҿы абылра ҟалеит. Иҟоу адыррақәа рыла, амцакра адәқьан аҩбатәи еихагылаҿ ҟалеит.
Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп абылрацәыхьчаратә бригадақәа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аинформациа ала, ибылуеит 5000 м2.
Абылра амзыз макьана идырым.