Қарҭи Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәылеи аполициатә департаментқәа русзуҩцәа еицымҩаҧыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа рыла, хықәкыла, гәымбылџьбарала ауаҩшьра афакт азы даанкылоуп 2003 шықәсазы ииз О.Ц.
«Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, ахара зду ауаҩы, Қарҭ, аибаргәаара амшала, 2003 шықәсазы ииз К.Д. аҳәызбала длысны дыбналеит.
Сааҭқәак рышьҭахь, азинхьчаҩцәа, О.Ц. дааныркылеит Жәыргьыҭтәи амуниципалитетаҿ», — аарыцҳаит Аҩныҵҟатиәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
Хықәкыла ауаҩшьра афакт азы аусеилыргара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 109-тәи ахәҭаҷ ала.
Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 16 шықәса инаркны 20 шықәсанӡа, ма, аҿҳәарада аҭакра.