Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи рхадацәа Қырҭтәыла авизит еицынарыгӡарц ргәы иҭоуп
Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи рхадацәа – Гитанас Науседа, Едрас Ринкевичс, Алар Карис Қырҭтәыла авизит еицынарыгӡарц ргәы иҭоуп, – аарыцҳаит Лиетуватәи аихқәа.
Аихқәа рдыррақәа рыла, алидерцәа Қырҭтәыла авизит иазкны Польша ахада Анджеи Дуда иҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит
“Ԥхынҷкәын азы Қырҭтәыла аҭаара ҳахцәажәоит, ари азҵаара иазкны Польша ахада иҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит”, – иҳәеит Гитанас Науседа.
Науседа иажәақәа рыла, Балтиатәи атәылақәа рлидерцәа Қарҭ аҭыԥ змаз ахҭысқәеи Қырҭтәыла аԥсахыз европатәи ахырхарҭеи ирыхәаԥшит.
Балтиатәи атәылақәа рлидерцәа ишазгәарҭаз ала,ақырҭуа демонстрантцәа ркыдцалара иаҿакылоит.
Лиетува ахада ишазгәеиҭаз ала, Балтиатәи арегион мацара акәым, Европа алидерцәа зегьы еиԥшу апозициа аадырԥшыроуп Қырҭтәыла аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа иадҳәаланы. Науседа иажәақәа рыла, Евроеидгылаҿ асанкциақәа рызҵаара цәыригарц дыхиоуп.