Леван Қогуашвили ифильм  «Аҧшьбатәи  Браитон»  Котбус имҩаҧгаз акинофестиваль аҿы х-ҳамҭак аиуит
 Леван Қогуашвили ифильм  «Аҧшьбатәи  Браитон»  Котбус имҩаҧгаз акинофестиваль аҿы х-ҳамҭак аиуит

Леван Қогуашвили ифильм  «Аҧшьбатәи  Браитон»  х-ҳамҭак аиуит Мрагыларатә Европа зегьы раасҭа зҵакы дуу акинохҭыс аҿы, Котбус   имҩаҧысуаз  акинофестиваль аҿы.  Афильм апродиусерцәа иреиун Қырҭтәыла Актәи аканал.

Афильм арежиссиор Леван Қогуашвили Актәи аканал ишазааицҳаз ала,  аноминациа  «иреиҕьу ахаҵатә роль» аҿы аиааира игеит Леван Ҭедиашвили. Иара убас, афильм аиуит   Fipress апремиеи  (акинокритикцәа рпремиа) аекуменикатә жиури аҧхьахәи.

Леван Қогуашвили ифильм  «Аҧшьбатәи  Браитон»  Қырҭтәыла ахьӡала «Оскари» и «Ахьтәы глобуси» аҧхьахәқәа рзы иқәдыргылоит.  Афильм аҧҵан 4 ҳәынҭқаррак русеицура ала. Апродиуссерцәа иреиуп Қырҭтәыла Актәи аканалгьы.

«Аҧшьбатәи Браитон» аиҳара  Ниу – Иорк иҭыхын.

Котбус жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаҧган абҵара  2-7 рзы.