Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Изориа Германтәылатәи апарламент Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәҩы Михаель Рот иҟаиҵаз аҳәамҭа аҭак азиуит.
Леван Изориа иажәақәа рыла, Рот абиԥара ҿыци аиашахаҵаратә уахәамеи реиҟәыҭхара иҽазикит.
“Ҳаҭыр зқәу Рот, акритикеи атәамбареи еиԥшым усқәоуп. Шәара абиԥара ҿыци аиашахаҵаратә уахәамеи реиҟәыҭхара шәҽазышәкит. Ҳтолерантра адунеи аҿы иҿырԥшыгоуп, уи ҳуахәамаҿ иит, ҳацуп наӡаӡа”, – иануп Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара адаҟьа ианылаз аҳәамҭа аҿы.
Германтәылатәи апарламент Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәҩы Михаель Рот асоциалтә каҭаҿы иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, “Арелигиақәеи анцәахаҵаҩцәеи зегьы акритика рыдыркылароуп. Зны-зынла ари иуадаҩуп, сара сзы ари иубарҭоуп Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәамеи ислами рҿы“ ҳәа.