Леван Иоселиани – Арахамиа ақырҭуа жәла имоуп, аха, Қырҭтәыла датәылауаҩым, убри аҟынтә,  аҩныҵҟатәи аполитикатә зҵаарақәа рҽалагалара азин имам
Леван Иоселиани – Арахамиа ақырҭуа жәла имоуп, аха, Қырҭтәыла датәылауаҩым, убри аҟынтә,  аҩныҵҟатәи аполитикатә зҵаарақәа рҽалагалара азин имам

«Арахамиа ақырҭуа жәла имоуп, аха, Қырҭтәыла датәылауаҩым, убри аҟынтә,  аҩныҵҟатәи аполитикатә зҵаарақәа рҽалагалара азин имам», — иҳәеит апартиа  «Атәылауаа» алахәыла  Леван Иоселиани.

«Иара ихатә гәаанагара имазар ҟалоит, аха, абри аҩыза аформала даҽа ҳәынҭқаррак аполитика аҽалагалара Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭыҵуеит.

Арахамиеи  «Амилаҭтә ҵысра» алидерцәеи реиҩызара иазкы исаҳахьоу рацәоуп,   аха, иҟаиҵаз аҳәамҭа иаҵанакәа сзеилкаауам. Дара рполитика иақәшаҳаҭым ауаа зегьы акритика рзура ииашам ҳәа исыҧхьаӡоит. Арахамиа Қырҭтәыла алацәажәара азин ҳазимхом,  аха,  ииҳәо зегьы ақырҭуа-украинатәи еизыҟазаашьақәа ирықәнагам», — иҳәеит  Леван Иоселиани.

Украинатәи Радаҿ афракциа  «Ажәлар рмаҵзуҩы» алидер  Давиҭ Арахамиа ателеканалк аефир аҿы ишиҳәаз ала,  евроинтеграциа апроцесс аҿы атәыла дацхраарц азыҳәан,   ақырҭуа политикцәеи европатәи алидерцәеи рыбжьара аимадара ашьақәыргыларазы Қырҭтәыла аҭаара дазыхиоуп.